Аԥсны

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿиара аплан ӡырган Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы

Аҳаирбаӷәаза аиҭарҿыцра аплан аус аднаулоит аҳаиртә транспорт апроект-ҭҵааратә институт "Ленаэропроект".
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза аамҭа-аамҭала аҿиара аплан ӡырган Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аӡыргараҟны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иазгәеиҭеит апроект аҵак ду шамоу.
Аԥсны
Озган Бжьаниа изеиҭалҳәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аинвестори лареи реиҿцәажәара атәы
"Атәылаз аҵак ду змоу ари апроект анагӡара Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ҷыдала хылаԥшра аиҭоит. Имҩаԥго аусурақәа ҭабуп ҳәа рхаҳҳәаауеит. Агәрагара ҳамоуп алҵшәақәа шҵоурахо", - иҳәеит Гәынба.
Уаанӡа Москва имҩаԥысыз X афорум "Урыстәылеи Аԥсни русеицура" аҟны иҳәан ишазыԥхьагәаҭо аусурақәа 2024 шықәсазы рхыркәшара, 2025 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара ахацыркра.
Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь абаӷәаза сааҭк аҩнуҵҟа 400-ҩык, шықәсык аҩнуҵҟа х-миллионҩык апассаџьырцәа аднакыло иҟалоит.
Быжь-гектарк рҟынӡа: Урыстәылатәи асапиорцәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра шыдрыцқьо