Арадио

Амҷԥҳа ажурналисттә еицлабраҟны дахьалыркааз: сгәацԥыҳәо сҟанаҵеит сдыррақәа рыцҵаразы

ААУ ажурналистика аҟәша актәи акурс астудентка Мадина Амҷԥҳа жәларбжьаратәи аконкурс аҟны далкаан, адиплом ланашьан. Апремиа "Честный взгляд" аиуразы Москваҟа русумҭақәа нарышьҭит 28 тәыла рҟынтәи ажурналистцәа, аблогерцәа, афотожурналистцәа.
Sputnik
Амҷԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны лцәажәараан иазгәалҭеит лара лзы акыр шаҵанакуа ас еиԥш аицлабраҟны лусумҭа ахьалыркааз.
"Сгәацԥыҳәо сҟанаҵоит иаҳа сдыррақәа реихаҳаразы, сырҿиаратә мҩа ацҵаразы, сзанааҭ сҽагәылакны сҩымҭақәа еиуеиԥшым аицлабрақәа рахь рышьҭразы. Гәахәара дула исыдыскылеит сусумҭа дипломла иахьалкаахаз", - лҳәеит Амҷԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.