Аԥсны

Аробототехниказ аҟазара-классқәа хацдыркит Гагра

Аҟазаратә-классқәа "Аробототехник қәыԥш" ԥьымш имҩаԥыслоит. Аԥснытәи ашколқәа рҵаҩцәа инарҭбаан идырдырхоит аробототехника закәу.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аробототехниказ аҟазара-классқәа хацдыркит Гагра ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра.

Аҟазаратә-классқәа мҩаԥысуеит IT-школа STEMLAB абазала. Уа иаартуп арҵаратә ҭыԥуп, аробототехника алшарақәа ахьӡырырго, иаагоуп автономтәи амобилтәи платформақәа амикроконтроллерқәа Arduino рбазала аус зуа.

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ирымоуп алшара рхала ароботқәа Rescue Line еизыркырц, ароботехникатә мыругақәа It-школа Lego Education ҭырҵаарц, ароботқәа XXI ашәышықәсазы рроль еилыркаарц, ҳаамаҭзтәи ауаажәларраз ароботизациа иаанаго рдырырц.
Аҟазаратә-классқәа "Аробототехник қәыԥш" ԥьымш имҩаԥыслоит. Аԥснытәи ашколқәа рҵаҩцәа инарҭбаан идырдырхоит аробототехника закәу. Дара еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество аусзуҩцәеи Аладатәи Афедералтә университет аҟазауааи аинформациатәи аҵаратәи атехнологиақәа р-Фонди аинтернет-проваидер "Гагра-Телекоми" рыдгыларала.