Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа ипоезиатә хәылԥази иҟазареи ирызкны

Мышқәак раԥхьа Аҟәа имҩаԥган Аслан Занҭариа ипоезиатә хәылԥазы. Апоет қәыԥш ииҩуа ажәеинраалақәа ирныԥшуа аҵаки, ишьҭихуа атемақәеи, аҟазара инаҭои, алитература аԥеиԥш шибои ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Sputnik
Апоетцәа рдунеихәаԥшышьа шьышьақәгылоуи, урҭ ирымоу аҷыдара акы излаламҩашьои, аҟазарахь инеира шыҟалази реиҭаҳәарала ихациркит Аслан Занҭариа ицәажәара.
"Схы сгәалашәо аахыс аҟазара сазгаган. Кыр шықәса раԥхьа сцәаныррақәа анеилашуа аамҭазы схы ԥысшәеит, аха исзаанмыжьӡеит, ԥыҭҩык ишыҟарҵало еиԥш. Хәбаҟа шықәса раԥхьа ишахәҭоу сҽазыскит", - еиҭеиҳәеит Занҭариа.
Апоет қәыԥш Даур Занҭариа ирҿиара атәы далацәажәеит, хаҭала, имҩасыз ипоезиатә хәылԥазы дазааҭгылеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.