"Иԥшьоу Гьаргь ицаха" ацәаԥҽразы ашьаус иақәдыршәар ҟалоит

Урыстәыла арратә ахьӡ-аԥша асимволқәа рцәаԥҽразы атәылауаа ахараԥсақәа реиԥш абахҭа аҭакрагьы рықәшәар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Урыстәыла арратә ахьӡ-аԥша асимволқәа иреиуоу "Иԥшьоу Гьаргь ицаха" ацәаԥҽразы ашьаус ма административтә ҭакԥхықәра иақәыршәахар ҟалоит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума апресс-маҵзура.
Абри аҩыза азакәан рыдыркылеит Аҳәынҭдума адепутатцәа ахԥатәи аԥхьарала.
"Афедералтә закәан ишьақәнаргылоит аибашьрақәеи егьырҭ Аԥсадгьыл ахьчараз анапынҵақәа рынагӡареи раан ҳаԥсадгьыл ажәларқәа, ахьчаҩцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи иахьыӡшьароу "Иԥшьоу Гьаргь ицаха" азакәантә статус", - аҳәоит адокумент.
Ацаха ахархәара арҭар ҟалоит атәылауаа, ауаажәларратә еидгылақәеи аиҿкаарақәеи.
Иара ацәаԥҽразы аиурист хаҿы 3-5 миллион рҟынӡа ахараԥса иршәахар, ма имазара имххар ҟалоит, ахатәхаҿы – 3 миллионк рҟынӡа ахараԥса ма хышықәса рҟынӡа аҭакра.
Аинтернет аҟны заанаҵы еилацәажәаны, иара убри аумҭа ҟазҵаз гәыԥҩык ахаҿқәа 2-5 миллион мааҭ ахараԥса дыршәахоит ма хәышықәса ҿҳәарас ирыҭаны иҭакхоит.