Аԥсны

Аҟәа ахәаахәҭратә цәаҳәақәа Grand Bazaar рҟны амцакра ҟалеит

Амца ахы ыҵнахит ахәаахәҭратә павильонқәа руак аҿы, анаҩс ааигәа игылақәаз ахыбрақәа рахь ииасит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Ԥхынҷкәын 21 азы ахәаахәҭратә цәаҳәақәа Grand Bazaar рҟны амцакра ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Амца ахы хәыҵнагеит ашьыжь, асааҭ 06:30 рзы. Аҭыԥ ахь инеиит амцарцәаратә гәыԥқәа хԥеи аиқәырхаратә бригадеи.
Амца ахы ыҵнахит ахәаахәҭратә павильонқәа руак аҿы, анаҩс ааигәа игылақәаз ахыбрақәа рахь ииасит. Амцакра амзызқәеи амҽхаки аҟазауаа иҭырҵаауеит.
Ауааԥсыра рҟынтә аӡәгьы ԥырхага имам.