Аԥсны

Аԥҳәыс дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Шьамтәыла ауаҩԥсы даанкылоуп

Иаанкыло ахаҵа ҩнык аҿы ицынхоз аԥҳәыс хықәкыла акырынтә ахәра ӷәӷәақәа лиҭеит ҳәа ишьоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Шьамтәыла атәылауаҩ Халил Амер, аамҭала Аҟәа инхо, гәымбылџьбарала аԥҳәыс дишьит ҳәа агәызҩара ыҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аусбарҭа адыррала Амер Аҟәа, Тоннельнаиа амҩаҿы ҩнык аҿы ицынхоз Ольга Лиутова дишьит.
Ԥхынҷкәын 19 асааҭ 18:05 рзы Амер Лиутова хыԥхьаӡара рацәала ахәрақәа лиҭеит, урҭ ирыхҟьаны лара лыԥсҭазаара далҵит. Иҟалаз зыхҟьаз ҳәа аӡбахә ҳәоуп "реизыҟазаашьа бааԥсқәа ирыхҟьаз аимак".
Халил Амер аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп. Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит АА АЗ ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт "д" иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоураз.