Абҵара раԥхьатәи амшқәа инаркны ҳалагеит аныҳәа аҽазыҟаҵара, аусурақәа еиҳа рымҽхак ҭбаан егьырҭ иҳаҩсыз ашықәсқәа раасҭа, лҳәеит аиҿцәажәараҿы Ажьиԥҳа.
"Сынтәа иҳархиот аԥсаӡ ҿыц, уи 12 метра иҟоу. Иара абжьааԥны еиԥш акәымкәа, еиҭашьақәыргылаз апарк аҿы иргылахоит. Аусурақәа шьҭа ихыркәшахоит, амза 25 рзы аофициалла иааҳаратыроуп. Ишьахуп Тҟәарчал, уахынла уанцәырҵуа алакә аҿы уҟазшәа ацәаныррақәа узцәырҵуеит. Илашоит ақалақь амҩадуқәа. Аҵла алашарбагақәа рыла иқәҵоуп. Абас еиԥш иԥшӡаны ҳақалақь ҳмырхиацызт", - еиҭалҳәеит Ажьиԥҳа.
Тҟәарчал араион акультура аусбарҭа аҟәша аиҳабы иара убасгьы дазааҭгылеит аныҳәа аламҭалази, Ашықәс ҿыц аухеи еиҿкаахо апрограммеи ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.