Аԥсны

Ибрагим Чкадуа ифильм ҿыц дырбахоит Sputnik аҿы

Sputnik
Ԥхынҷкәын 22 асааҭ 11:00 рзы информациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы имҩаԥгахоит зметраж кьаҿу афильм "Апотреҭ" аӡыргара (акинорежиссиор Ибрагим Чкадуа).
Ари аамҭа уадаҩқәа раан иузааигәо рахь абзиабара, адунеиаҿ иҟалалакгьы абзиабара аҭыԥ аҟазаара, агәалашәареи арыҳашьареи ирызкуп.
Афильм арбара ашьҭахь имҩаԥгахоит авторцәа рыпресс-конференциа.
Аиԥылара алахәылацәа
Ибрагим Чкадуа - афильм асценари автор, арежиссиор.
Џьамбул Жорданиа - актиор, арежиссиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист.
Сырбеи Сангәлиа – актиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист.