Аԥсны

Шәача инхо ахаҵа закәаншьаҭада Аԥснынтә амашьына Киргизиаҟа иахьиҭииз азы иус рыӡбеит

24 шықәса зхыҵуа Шәача инхо ахаҵа УА АЗ ахәҭаҷ 194 ахәҭа 2 инақәыршәаны - заанаҵтәи еилацәажәарыла гәыԥҩык ахаҿқәа аҳазатә шәарақәа рыҽрыцәхьакра иаҵанакуа ацәгьоура ала иус рыӡбеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21- Sputnik. Шәача инхо ауаҩԥсы закәаншьаҭада аҳазатә закәан еилаганы Аԥснынтә амашьына Киргизиаҟа ииаганы иахьиҭииз азы иус рыӡбеит, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аоперативтә ҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Мчыбжьқәак рыҩнуҵҟа Урыстәылаҟа иалагалоуп автомашьынақәа: Lexus GX470, Honda Fit, Toyota Alphard. Аҳазалхырҭаҿы иара иԥаршеиу адокументқәа цәыригон аԥснытәи еиҿкаарак аҿы машьынарныҟәцаҩыс аус иуазшәа.

Амашьынақәа апассаџьырцәа рныҟәгара иазырхазшәа аҳәон адокументқәа рҿы. Уи инақәыршәаны аҳазатә шәарақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын. Иара нас амашьынақәа Краснодарҟа инеигон, ицәгьоура иалахәыз ауаа ириҭон. Уи азы аԥара изыршәон. Амашьынақәа ракәзар аҭиразы Киргизиаҟа иргон адокументқәа еиқәырҽаҽаны.
Ишәамыз аҳазатә шәарақәа х-миллион мааҭ рҟынӡа инеиит.
Аӡбарҭа ахара ихараҵаны згәаҭарыла хышықәса иқәҵоуп.
Аус азы аматериалқәа Киргизиа азинхьчаратә усбарҭақәа ирыҭоуп ацәгьоуратә схема алахәылацәа рыԥшааразы.
Аԥсны
Аԥснынтәи амашьына алазгалаз Урыстәыла атәылауаҩ ҩ-миллинок рҟынӡа ашәахтә имшәаӡеит