Аԥсны

Аҟәа ақалақь ахадара ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә уснагӡатәқәа шьақәнарӷәӷәеит

Ԥхынҷкәын 25 инаркны Қьырсаныҳәанӡа аҳҭнықалақь ауааԥсыра еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа, аконцертқәа, ақәгыларақәа азгәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә уснагӡатәқәа шьақәнаргылеит. Абри атәы аҳәоит ақалақь ахадара асаит.
Ахақәиҭра ашҭаҿы игылоу аԥсаӡ аныҳәатә ҟазшьала иаадыртуеит ԥхынҷкәын 25 асааҭ 18:00 рзы. Ԥхынҷкәын 26 инаркны Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны имҩаԥыслоит аконцертқәа, аџьармыкьақәа.
Ашықәс ҿыц ауха Аҟәа ауааԥсыреи асасцәеи афеиерверк, аныҳәатә гәалаҟазаара, шьыжьынӡа адискотека рзыԥшуп.
Ԥхынҷкәын 25 инаркны ажьырныҳәа 10 рҟынӡа аҳҭнықалақь ашҭа хадаҿы иаартхо акинотеатр аҿы афильмқәеи амультфильмқәеи ддырбалоит.
Қьырсаныҳәаз Ахақәиҭра ашҭаҿы асааҭ 16:00 рзы имҩаԥгахоит аконцерт.
Уи адагьы Аҟәа араионқәа зегьы - Синоп, Турбаза, Алашарбага, Кинопрокат, Ажәытәи Аҿатәи ҳаблақәа рҟны еиҿкаахоит аныҳәатә уснагӡатәқәа.
Аԥсны
Аҟәа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан аԥсшьаразы иалыркаауа ахырхарҭақәа жәаба ирыҵанакит