Арадио

Аԥҳазоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа раԥхьатәи раллеиа азы: акультуратә ԥсҭазаараҟны даҽа даҟьа ҿыцк

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа азиуит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыхьӡала Аҟәа раԥхьатәи аллеиа аартра.
Sputnik
Амилаҭтә библиотека ашҭаҟны иахьа Аҟәа иаадыртит раԥхьатәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа раллеиа. Дырмит Гәлиа, Иван Папасқьыр, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалия, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба, Мушьни Аҳашба раҳаҭыр азы ааҵлақәа еиҭарҳаит. Ари ауснагӡатә Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Иван Папасқьыр диижьҭеи 120 шықәса аҵра иадырҳәалеит. Уи далахәын ашәҟәыҩҩы имоҭа ихшаз.
"Иҵабыргны иахьа акультуратә ԥсҭазаараҟны даҽа даҟьа ҿыцк аатуеит ҳәа иуԥхьаӡартә иҟоуп. Ашәҟәыҩҩцәа раԥхьатәи рыплеиада иаҵанакуа маҷк инеҳауп, аха раԥхьа Дырмит Гәлиа ивагылаз ҳрызхәыцны иҟаҳҵеит", - иҳәеит Аԥҳазоу.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.