Аԥсны

Аԥсны абанк аԥараҿырпқәа ирыҵаркуа аԥсар ҿыц "Адинозаврқәа" ҭнажьит

"Адинозаврқәа" - "Зыхә цәгьам аметаллқәа ирылху агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа " ирыҵанакуеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Аԥсны Абанк зыхә цәгьам аметаллқәа ирылху аԥараҿырпқәа ирыҵаркуа аԥсар ҿыц "Адинозаврқәа" ҭнажьит. Абри атәы аанацҳауеит абанк асаит.
Аԥараҿырпқәа неизильбер ҳәа изышьҭоу абҩа, 5-35% аникельи 13-45% ацинки рыла еиларҭәоу металлуп. Аԥараҿырп агәҭаӡа - 39 миллиметра иҟоуп, акапан - 25,1 грамм.
Ԥараҿырпк х-аԥсарк иҟоуп. Атираж 300 екземплиарк. Асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа.