Аԥсны

Аԥсны ахәҭак сааҭк лашарада иаанхоит

Астанциа маҷ "Аҟәа-2" аҟны арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны алашара дырцәоит сааҭк.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак ашьыжь ԥхынҷкәын 22 рзы лашарада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Астанциа маҷ "Аҟәа-2", "Афонҿыц" рҟынтәи алашара зоуа асааҭ 10:00 инаркны 11:00 рҟынӡа лашарада иаанхоит.
Алашара дырцәоит Астанциа маҷ "Аҟәа-2" аҟны имҩаԥысуа арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны.