Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ԥлиаԥҳа аԥсуа нашанатә лакәқәа ирызкны

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентри Аԥсуаҭҵааратә институти рыҭҵаарадырратә усзуҩ Мадонна Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит аԥсуа нашанатә лакәқәа ирызкны акандидаттә диссертациа аус шадылулоз, урҭ ҷыдарас ирымоу атәы.
Sputnik
"Алакәқәа, ҳәарада, уажәыгьы иҟоуп иануҵаша, аха усҟан анашанатәқәа рацәаны иуԥылозҭгьы, иахьа еиҳараӡак абзазаратә ҟазшьа аархәеит", - хәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.