АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова Евроеидгыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыҭоу атәылауаҩшәҟәқәа ахьазхарымҵо азинмхроуп ҳәа ахылҳәааит. Захарова лҳәамҭа аусбарҭа асаит аҿы икьыԥхьуп.
Захарова илҳәеит ЕЕ аполитикатә ҭахрақәа ирықәныҟәоит, уи адагьы аоперациа ҷыда иалагаанӡагьы Ҟрыми Севастопали ирырҭоз атәылауаҩшәҟәқәа Европа иаднакыломызт ҳәа.
"ЕЕ ганкахьала миллионла ауааԥсыра рныҟәара ахақәиҭрақәа ԥнакуеит, атәылауаа ирҭахны рныҟәареи рынхарҭа алхреи рус аҿы рзинқәа дыркьаҿуеит", - лҳәеит лара.
Мариа Захарова лажәақәа рыла Евроеидгыла ахымҩаԥгашьа ауаҩы изинқәа рыхьчара аусхк аҟны ирыдкылоу адокументқәа рыԥҟарақәа еиланагоит, аҳәынҭқарра азхамҵара уи иқәынхо ауаа рзинқәа реилагара мзыс имаиуроуп ҳәа иҟоу апринцип еиланагоит.
"Ари аҩыза аполитика асуверентә ҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа ахрылагалароуп иаанаго, аҽазныкгьы иаанарԥшуеит Евроеидгыла ҳтәылеи ҳуааԥсыреи цәымӷшақә ишырзыҟоу. Ас ицалар Евроеидгыла жәларбжьаратәи аусқәа рҿы ахьӡ-аԥша ыӡуеит", - лҳәеит лара.
Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, арегион ҿыцқәа рҿы ирыҭоу атәылауаҩшәҟәқәа разхамҵараз аӡбамҭа рыдкылан ԥхынҷкәын 14 рзы, официалла икьыԥхьуп ԥхынҷкәын 21 рзы.