Аԥсны

Аҟәа амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит

Аҟәа Ӡиӡариа имҩаду аҟны ҩ-машьынак еиҿасит ахәылбаҽха ԥхынҷкәын 23 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аҟәа амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп ишеиҿасыз автомашьынақәа "Toyota”, “Mercedes-Benz”.
Аусбарҭаҿ ишазгәарҭаз ала, ааха зоуз даҽаӡәгьы ахәшәтәырҭахь днагоуп.