Аԥсны

ААУ астудентцәа атуристтә мҩа ахырхарҭа ҿыцқәа аус рыдыруылеит

Иҿыцу хырхарҭаны астудентцәа иалыркааит Оҭҳара ақыҭаҿтәи аҭыӡгәара, Ҳашԥсытәи аиҩхаа, Тҟәарчалтәи аиҩхаа, Тҟәарчал ГЕС.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиологиа-географиатә факультет астудентцәа иӡырыргеит идырымыз атуристтә мҩа ахырхарҭа ҿыцқәа.
Жәҩык астудентцәа русумҭақәа ӡырыргеит.

"Дасу ихазы иалихуан иӡыригар ииҭахыз. Аԥсны атуризм алшарақәа раҳасабала иӡырган еиуеиԥшым аҭыԥқәа", - ҳәа лҳәеит ААУ арҵаҩы Ирина Кәыҵниаԥҳа.

Иҿыцу хырхарҭаны астудентцәа иалыркааит Оҭҳара ақыҭаҿтәи аҭыӡгәара, Ҳашԥсытәи аиҩхаа, Тҟәарчалтәи аиҩхаа, Тҟәарчал ГЕС.
Астудентцәа рыгәҭакқәа рыла Оҭҳаратәи аҭыӡгәараҿ атуристцәа, европаа ирҿыԥшны ачарақәа рура алшоит.
Аԥсны
Аԥсны афитнес-туризм азы иалырхуа ахырхарҭақәа жәаба ирықәшәеит
Даҽа студентк игәаанагарала Ҳашԥсытәи аиҩхаа иахьынӡахәҭоу иаартым, инарҭбаау ахархәара амазар алшоит.
Тҟәарчалтәи аҵхырҭаҿ астудентцәа ашахтиортә бзазара аҽалахалара алшоит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Акыршықәса велотрекинг знапы алаку студентк амаланыҟәала ахырхарҭамҩа ӡыригеит.
Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, ажиури астудентцәа русумҭақәа ахәшьарақәа арҭеит, абжьгарақәа рзыҟарҵеит.