Аԥсны

Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы ахԥатәи адизель-генератор ықәдыргылоит

Амедусҳәарҭа афымцалашара дырцәаргьы автономла аус зуа адизельтә генераторқәа амоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы ахԥатәи адизель-генератор ықәдыргылоит ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Адизель мобилтәуп, иаҭахханы иҟалар аҽа хәшәтәырҭак ахыбрахь инаргар ҟалоит.
Уажәазы амедусҳәарҭа афымцалашара дырцәаргьы автономла аус зуа адизельтә генераторқәа ҩба амоуп.
Апресс-маҵзураҿы ирҳәеит ахәшәтәырҭа аполиклиникаҿы акабинетқәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шхыркәшоу.
Аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа иажәақәа рыла, мышкы ахы аҵыхәала аполиклиника иаҭаауа рхыԥхьаӡара 150 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.