АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аԥсны ариаҵәареи аҵиаақәа рхылаԥшреи рыхьчареи рызҵаарақәа ҭышәынзыртәало анорматив-зинтә актқәа рыпроектқәа аус рыдуларазы аусутә гәыԥ аԥҵоуп.
Агәыԥ аԥҵоуп ареспублика анхарҭа ҭыԥқәа рыриаҵәара азҵаарақәа рзинтә ҭышәныртәалара аиҿкаареи, закәаншьаҭала аиаҵәара ахылаԥшреи, ахьчареи знапы иану аҳәынҭнапхгараҭаратә усбарҭақәа рышьақәыргылареи хықәкыс иҟаҵаны.
2023 шықәса ажьырныҳәа 31 аҟынӡа агәыԥ иазнархиароуп ажәалагалақәа:
аҵиаахкқәа реизгараз;
аҵиаа иаҵәақәа реиҭаҳашьа, аиҭаҳара аамҭа, аиҿкаара аҳәаақәҵараз;
Аԥсны аиланхарҭатә ҭыԥқәа рҿы изызҳауа аҵиаақәа рныҟәгареи рыхьчареи рзы.
Аусутә гәыԥ напхгара азиуеит Аминистрцәа реилазаара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа.