Лавров Ҟарабах игылоу урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ирырҭо аҽԥныҳәаз аҭак ҟаиҵеит

Москва имҩаԥысит Урыстәылеи Азербаиџьани рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Сергеи Лаврови Џьеихун Баирамови реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Ҟарабах игылоу урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ирырҭо аҽԥныҳәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ахиҳәааит.
"Аҭагылазаашьа аганрацәа амоуп, иалахало аганқәа: Ермантәыла, Азербаиџьан, Ҟарабах руаажәларрақәа зегь ргәаанагарақәа ирызхьаԥшлатәуп. Иазхьаԥштәуп урыстәылатәи аган агәаанагарагьы. Избанзар еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҟынтәи аиҳара иҵаҵӷәыдоу аҽыԥныҳәақәа ҳарҭоит. Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа имариам аҭагылазаашьаҿ аус руеит, ганцыԥхьаӡа ахатә ҽыԥныҳәа амоуп", - ҳәа иҳәеит Лавров Азербаиџьан адәныҟаполитикатә усҳәарҭа ахада Џьеихун Баирамови иареи реиԥылара аихшьаалақәа рыла имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
Аиԥылара аихшьаалала Лавров иҳәамҭа:
Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа иааиԥмырҟьаӡакәан Лачатәи акоридор аҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара аус адырулоит;
Урыстәыла еиԥымҟьарада Ермантәылеи Азербаиџьани рхадацәа ирныруеит;
Лачатәи акоридор иахьаҵанакуа амаден аҵхырҭақәа аус рыдулараз аимакқәа рҭыԥ иқәҵатәуп;
Урыстәыла аиҩызара зыбжьоу аҩ-тәылак рыбжьара аҭынҷра аҟазаара иазҿлымҳауп. Ихадароу аимак аиҭахацмыркра ауп;
Аганқәа аминистрцәа рыҩаӡарала аформат "3+3" инақәыршәаны Алада Кавказ аинырра ҿыцқәа ирылацәажәоит.