Арадио

Аџьба еиҭеиҳәеит аныҳәаан ауаа рхы иадырхәо еиуеиԥшым арҭҟәацгақәа хылаԥшрас ирыҭатәу

Sputnik
Ашықәс ҿыц аан аныҳәатә гәалаҟара ашьақәыргыларазы рхы иадырхәоит ихысуа, иҭҟәацуа еиуеиԥшым асалиутқәа, афеиерверкқәа. Ахәыҷқәа ракәзар, лассы-лассы апетардақәа дырҭҟәацуеит. Урҭ ирыцу ашәарҭара маҷым. Ари аҭагылазаашьа хылаԥшрас иаҭатәу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь абылраҽацәыхьчаратә хылаԥшра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Саид Аџьба.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ахаҭарнак ицәажәараҟны иазгәеиҭеит ауаа иаархәо аныҳәатә рҭҟәацгақәа зегь раԥхьа иргыланы рыҿҳәара шгәаҭатәу, ахыбрақәа рыҩнуҵҟа рыԥжәара зынӡагьы ишыҟамло.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.