Аԥсны

Ахада ихаҭыԥуаҩ атәылахьчаратә ҵакы змоу аобиектқәа рҭагылазаашьа гәеиҭеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан атәылаҿы амобилизациатә зхиазаара аҩаӡара ашьҭыхразы аусурақәа шымҩаԥысуа, Арбџьармчқәа џьаԥҳанылеи иҷыдоу техникалеи реиқәыршәара ишаҿу.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik. Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ахада инапынҵа инақәыршәаны атәылахьчаратә ҵакы змоу аобиектқәа рҭагылазаашьа гәеиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Агәаҭарақәа мҩаԥысит амобилизациа аҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аусутә ныҟәара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ аинрал-леитенант Владимир Савченко, атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергьелиа, Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.