АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Аԥсны аҩнатә ԥстәқәа рыманы ԥсшьара иахьцо ҳәа иалыркааз аҭыԥқәа жәаба рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп ҳәа аҳәоит амаҵзура Tvil.ru.
Аҩнатә ԥстәқәа рыманы ԥсшьара иахьцо, заа аҭыԥқәа ахьааныркыло иалкаау актәи аҭыԥаҿ иҟоуп Шәача - 16%, аҩбатәи Феодосиа - 6%, ахԥатәи Москва - 4%.
Аҩнатә ԥстәқәа рыманы ԥсшьара иахьцо иалкаахаз жәа-хырхарҭак:
Ақалақь | Уахык азы ахәԥса | Бжьаратәла шаҟа мшы рыԥсы ршьо |
Шәача, Краснодартәи атәылаҿацә | 2608 мааҭ | 6 у |
Феодосиа, Ҟрым | 2963 мааҭ | 5 у |
Москва, Москватәи аобласт | 3744 мааҭ | 2 у |
Санкт-Петербург, Ленинградтәи аобласт | 4321 мааҭ | 3 у |
Севастополь, Ҟрым | 2821 мааҭ | 4 у |
Краснодар, Краснодартәи атәылаҿацә | 2106 мааҭ | 2 у |
Ростов-на-Дону, Ростовтәи аобласт | 2432 мааҭ | 2 у |
Суздаль, Владимиртәи аобласт | 3683 мааҭ | 2 у |
Воронеж, Воронежтәи област | 4333 мааҭ | 2 у |
Гагра, Аԥсны | 2926 мааҭ | 6 у |