Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Бжьаниаԥҳа архивтә шәҟәқәа Аԥсныҟа рыргьежьра иазкны

Sputnik
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аҟны имҩаԥысит "Атәыла аҭоурых-документтә ҭынха ахьчара - аҳәынҭқарратә интересқәа ршәарҭадара иахәдықәҵагоуп" ҳәа захьӡу аконференциа. Иара еиҿкаан жәларбжьаратәи аҿартә ҭоурыхтә форум абзоурала. Аконференциаҟны излацәажәаз азҵаарақәеи, ицәыргаз аинтерес зҵоу афактқәеи, егьырҭ ахырхарҭақәеи еиҳа инарҭбааны дрылацәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институти ААУ-и русзуҩ Милана Бжьаниаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.