Арадио

Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит ацәыргақәҵа "Ацқьара" аԥсабара ахьчараҿы лдунеихәаԥшышьа ишанырыз

Sputnik
Аҟәа аус ауеит "Ацқьара" ҳәа хьӡыс измоу аекологиа иазку ацәыргақәҵа. Апроект агәамсам аилыхреи уи аус адулареи иазкуп. Авторцәас иамоуп – Кама Кациаԥҳа, Мадина Бигәааԥҳа, Наста Агрԥҳа.
Аекспозициа аартуп Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы, ақьафурҭа "Аԥра шкәакәа" ахьыҟаз ахыбраҿы. Ацәыргақәҵа аус аулоит амза 27-нӡа.
Ацәыргақәҵа алахәыла, ААУ астудент Амина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ацәыргақәҵаҿы иӡырылгаз лусумҭа атәы, насгьы уи дшазнеиз, аекологиа азҵаараҿы лдунеихәаԥшышьа аҽшаԥсахыз.
"Ҳарҵаҩы лыдҵала иҟаҳҵар акәын аплакат апроект "Ацқьаразы". Уи гәахәарыла иҳадаҳкылеит. Аханатә аматериал аизгара салагеит, аекологиа иадҳәалаз аинформациа ҭысҵаауан. Ус, схаҿы иааит исҭаху. Асахьа ҭысхит, анаҩс исҭаху апрограммақәа рыла аусура салагеит", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Амина еиҭалҳәеит лыгәҭакыатәы, насгьы уи шаалырԥшыз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.