Аԥсны

Аԥсуа шьапылампыласцәа аԥышәара иахысуеит Урыстәыла "Абаҩхатәрақәа ракадемиа" иалаларазы

Урыстәылатәи "Абаҩхатәрақәа ракадемиахь" иалырхразы аԥышәарақәа ирхысраны иҟоуп 10 - 16 шықәса зхыҵуа аԥснытәи ашьапылампыласцәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Ашьапылампыласцәа қәыԥшцәа аҭҵаарадырреи, амедицинеи, аспорти рыдгылара иазку автономтә икоммерциатәым аиҿкаара "Абаҩхатәрақәа ракадемиахь" ирыдыркыларц азы аԥышәарақәа мҩаԥысуеит Аҟәеи Гагреи ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәыҷтәы-қәыԥштә шьапылампылтә лига аиҳабы Алексеи Иваненко.
"Аԥышәарақәа мҩаԥыргоит Москвантәи иааз аҟазацәа. Ироуа аинформациа еидкылан "Абаҩхатәрақәа ракадемиа" азыҟаҵаҩцәа ирырҭоит. Арбагақәа академиа ишьҭнахыз аҩаӡара иақәшәозар, урҭ нарыԥхьоит анаҩстәи агәаҭарақәа рзы. Иахьа астадион "Динамо" ахь иааит Аҟәеи Гәдоуҭеи рҟынтәи ахәыҷқәа. Мрагыларатәи Аԥсны аганахьала макьана аӡәгьы дыҟам. Аҩаша аԥышәарақәа Гагра имҩаԥысуеит", - иҳәеит иара.
Ргәы излаанаго ала, аԥышәарақәа ирхысрацы инеироуп 300-ҩык рҟынӡа 10 - 16 шықәса зхыҵуа ашьапылампыласцәа Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи.
Аҟазацәа ирыхәаԥшуеит аспортсменцәа роура, рыкапан, рани раби роура, хыхь, ԥхьаҟа рыԥашьа, 20, 30 метра рыҩра, иара убас ампыл аус радулашьа.
1 / 5

Аԥсуа шьапылампыласцәа аԥышәара иахысуеит Урыстәыла "Абаҩхатәрақәа ракадемиа" иалаларазы

2 / 5

Аԥсуа шьапылампыласцәа аԥышәара иахысуеит Урыстәыла "Абаҩхатәрақәа ракадемиа" иалаларазы

3 / 5

Аԥсуа шьапылампыласцәа аԥышәара иахысуеит Урыстәыла "Абаҩхатәрақәа ракадемиа" иалаларазы

4 / 5

Аԥсуа шьапылампыласцәа аԥышәара иахысуеит Урыстәыла "Абаҩхатәрақәа ракадемиа" иалаларазы

5 / 5

Аԥсуа шьапылампыласцәа аԥышәара иахысуеит Урыстәыла "Абаҩхатәрақәа ракадемиа" иалаларазы

"Абаҩхатәрақәа ракадемиа" аҿы ишазгәарҭо ада, ари аҩыза аԥышәара иалнаршоит ашьапылампыласцәа рзы акрызҵазкуа арбагақәа аццакыра, амч, антропонометриатә рбагақәа, иахьынӡашәхьоу, иара убас раԥхьаҟа роура зеиԥшрахар алшо адыррақәа раарԥшра уҳәа рыхәшьара.
Аԥсны
Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа 2022 ашықәс аихшьаала ҟанаҵеит