Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин: Урыстәыла атәылауаа ринтересқәа ахьчоит Украина ишьақәгылаз аҭагылазаашьаан

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Урыстәыла Украина иҟоу аҭагылазаашьаҿы иҟанаҵо ашьаҿақәа иашаны иҟанаҵоит, иахьчоит ахатәы интересқәа, атәылауаа ринтересқәа ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин, Павел Зарубин апрограмма "Москва. Кремль. Путин" аинтервиу анеиҭоз.
"Уаҳа даҽакала ҳхы ҳзымҩаԥгом. Аха ҳара ҳазхиоуп ари апроцесс алахәылацәа зегьы ҳарцәажәарц, акы ҳазааибагарц. Ҳара аиҿцәажәарақәа мап рцәаҳкӡом", - иҳәеит иара.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла еснагь ишаҭахыз ицәырҵуа аимакқәа зегьы ҭынчмҩала иӡбалазарц, еиҿцәажәарала иҭышәынтәалахарц.
"Аха, рыцҳарас иҟалаз, егьи аган даҽак акәын агәы иҭакыз, акырынтә иазгәасҭахьеит дара ақәымчрақәа аарԥшны, еибашьрала рхы мҩаԥыргон. Ус акә, егьыс акә ҳара урҭ аҵакырақәа рҿы инхо атәылауаа рыхьчаразы ҳгылар акәхеит. Ҳара ҳадгылар акәын ҟрымаа рыгәҭакы. Убрантәи ауп ари зегь шалагаз", - иҳәеит иара.
Путин иажәақәа рыла, абри зегьы шьаҭас иамоуп агеополитикатә ҿагылаҩцәа Урыстәыла аилаԥыххаара иазырхоу рполитика.