Арадио

Жорданиа Аурыс театр ашықәсҿыцазтәи ақәыргыламҭазы: акәашарақәа даара ирацәоуп

Аурыс драматә театр Ашықәс ҿыцаз ахәыҷқәа ирыдыргалоит "Алые паруса. Новогодняя феерия". Арежиссиор ақәыргылаҩ Џьамбул Жорданиа арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Александр Грин иҩымҭа аҵыԥҵәаха аҟынтә асценахь ишыиаргаз атәы.
Sputnik
Аамҭа даара имаҷны иҳаман, аха аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп ҳҽырӷәӷәаны ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы ақәыргыламҭа арежиссиор.
"Аҽазыҟаҵарақәа цоит. Шьыжьы ыҟам, хәылбыҽха ыҟам. Са сзы уахынлагьы ыҟам. Садтәалан ажәақәа сыԥсахуеит, амузыка азысыҩуеит. Амаҭәақәа рыӡахра, адекорациақәа разыхиара ҳаҿуп, атеатр ацехқәа зегьы убри иазкуп", - иҳәеит Жорданиа.
Аспектакль атема атәы далацәажәауа, Џьамбул Жорданиа иҳәеит "Алые паруса" дазхәыцуеижьҭеи кыр шыҵуаз.
"Уажәтәи атемақәа алитератураҿы, амультфильмқәа рҿы сгәаҿы иааиуа даара имаҷуп. Саныхәыҷыз ҳзыԥхьоз алакәқәа снаргәылаԥшит, ԥыҭк сгәалашәеит, аха "Алые паруса" схаҿы инхеит. Алитература асценахь аиагара маҷк игәаӷьыуацәоуп, адраматургцәа ҳамаӡам иуцхраауа, сазхәыцуанаҵы, ауаа иаҳа ирыдыркылаша асценақәа схаҿы иааиуан, убасала мызкы аԥхьа аидеиа цәырҵит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Жоорданиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.