Ақыҭаҿы аԥсҭазаареи ақалақь аҿы анхареи еилазыгӡо Алхас Манаргиа арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп" дасасын. Иара аиҿцәажәараҿы еиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭазы ақыҭаҿы дызҿу аусқәа, анхацәа рынхара арманшәаларазы Тҟәарчал ақыҭа иагу атәы иҳәеит, иара убасгьы, араионқәа рҿы аспециалистцәа разымхара иахылҿиаауа ауадаҩрақәа ртәы дазааҭгылеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.