Азинмчратә усбарҭақәа иааныркылеит урыстәылауаа Шьамтәылеи Украинеи еибашьра изышьҭуаз

Иаанкылоуп аиҿкааҩи аилазаара алахәылацәа жәаҩыки, даҽа ааҩык рыԥшаара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Урали Нхыҵ Кавкази азинмчратә усбарҭақәа иааныркылеит 2010 шықәса раахыс Шьамтәылеи Украинеи Урыстәыла иаҿагылан аибашьразы урыстәылаа еибашьҭра изышьҭуаз ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АшәМ аҿы.
2010 шықәса раахыс 19-ҩык урыстәылауаа "Урали Нхыҵ Кавкази рҵакырақәа рҿы еиҿыркааит арегионалтә ҳа атеррористтә еиҿкаарақәа рхарҭәааразы" ҳәа аанацҳауеит Ашьаусҭҵааратә еилакы.
Аусҭҵаара агәаанагара ала дара Урыстәыла атәылауаа еибашьра Шьамтәылаҟа, Украинаҟа ирышьҭуан Урыстәыла арбџьармчқәа ирҿагыларц азы, иара убасгьы атерроризм ԥарала иацхраауан.
2021 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны иахьанӡа аиҿкааҩи иара убасгьы аилазаара алахәылацәа жәаҩыки аанкылоуп, ааҩык рыԥшаара иаҿуп ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Арҭ ауаа азинмчратә усбарҭақәа рылаԥш шырхыз анырдыр ХМАО, Даӷьесҭан, Чечниа, Тиументәи аобласт рҿы рҽырҵәахит, аха иааныркылеит. Аҽа ааҩык жәларбжьаратәи ашьҭазаара рыҭоуп.
Аиҿкаара алахәылацәа хараны ирыдырҵоит: атеррористтә еиҿкаара аԥҵареи алахәреи; атеррористә еилазаара аԥҵара; атерроризм аус адгылара; атеррористтә ус амҩаԥгаразы ааԥхьарақәа рыҟаҵара; атерроризм аларҵәара.
АшәМ аҿы ишырҳәаз ала аԥшаарақәа раан иаарԥшын абанда алахәылацәа Шьамтәыла "Аислам ҳәынҭқарра" аилазаареи Украина амилаҭеилыхцәа реилазаареи иалахәны аибашьра ишалаз атәы аазырԥшуа афотои авидеонҵамҭақәа зҭаз акомпиуторқәа.
Атеррористә еилазаара алахәылацәа ҩыџьа аӡбарҭақәа русӡбарала акраамҭа рхақәиҭра иалхәдатәуп.