Арадио

Ҟаитан аԥсаӡҵлақәа рыԥҟаразы: Мамзышьха зламаҷу ала, ааха ду аҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа аԥсеи аԥсаӡи рыхҵәара азин аанкылоуп. Ари аусԥҟа араионқәа рҟны ишрықәныҟәо, хаҭала Гагра араион аҟны аусура шеиҿкаау атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Мамзышьха абнахьчаҩ Ахрик Ҟаитан.
Sputnik
Мызкы аҩнуҵҟала 500 инариеҳаны аԥсаӡқәа ауааԥсыра ирымаҳхьеит ҳәа азгәаиҭеит аиҿцәажәараҿы абнахьчаҩ.
"Иҟоуп ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа ираҳҭаз. Егьырҭ зегьы уа ишьҭоуп. Ԥсшьараҳәа ашьхахь иауҳашьҭуа, ианыгьеижьуа, 4-5 ԥсаҵла лбааргоит. Урҭ русуқәа амилициа ахаҭарнакцәа ирыӡбоит. Иага ус иҟазаргьы иахьазы аҭагылазаашьа ҵыԥх аасҭа еиҵоуп. Аха убри аан даара ааха ду аҭоуп Мамзышьха абна, иара аҵакыра зламаҷу ала", - иҳәеит Ҟаитан.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.