Аԥсны

Аминистрцәа реилазаара аекскурсиатә маҵзурақәа рыҭара аԥҟарақәа шьақәнарӷәӷәеит

Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра рнапы ианҵоуп Аԥсны атуризм аминистрреи астандартқәеи, ахархәаратәи, атехникатәи хылаԥшреи рзы Аҳәынҭеилаки.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара ареспублика аҵакыраҿ аекскурсиатә маҵзурақәа рыҭара аԥҟарақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Адокумент иҳәаақәнаҵоит атуристцәа атәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа дырбаразы амаҵзурақәа рымҩаԥгараан, урҭ иҷыдоу атуристтә амҩатә хырхарҭақәа рхысраан ршәарҭадара аиҿкаареи, аҿаҵаҩцәеи анагӡаҩцәеи рыбжьара аизыҟазаашьақәеи.
Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа амаҵзурақәа рымҩаԥгараан изықәныҟәаран иҟоу аԥҟарақәа иазԥхьагәарҭоит амҩаԥгаҩ аҿаҵаҩцәа идирдырраны ишихәҭоу амаҵзурақәа реиқәыԥхьаӡа, урҭ рыҭара аҭагылазаашьақәа, аԥарахшәаара аформеи аԥҟарақәеи абрахь иналаҵаны ихаҭәаау ринформациа.
Атуристцәа ирзеиҭаҳәалатәуп амаҵзура аҭара аҿҳәара, уи иалагалахар зылшо аиҭакрақәа рзы адыррақәа. Уи адагьы ахархәаҩ идыруазароуп џьоукы анорматив-зинтә актқәа инарықәыршәаны ироур зылшо альготақәа ртәи уахь иаҵанакуа акатегориақәеи.
Аԥсны
Аԥсны Атуризм аминистрра аныҳәамшқәа рзы заанаҵтәи аҿаҵарақәа шымҩаԥысуа еиҭарҳәеит