Аԥсны

Аԥсны акультура аминистр Пикассо исаан ахьыҟоу атәы иҳәеит

Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә музеи иатәыз Пабло Пикассо иҩычаз асаани Фернан Леже иҭыхымҭақәа ҩбеи ыӡит ҳәа аинформациа цәырҵит 2022 шықәса абҵарамзазы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Пабло Пикассо иҩычеит ҳәа агәызҩара ыҟоу асаан 2022 шықәса алагамҭаз Москваҟа аекспертизахь ишьҭын ҳәа иҳәеит акультура аминистр Даур Ақаҩба аиҳабыра реилатәараҟны.
"Уажәы ҳара иара Аԥсныҟа аагара азҵаара ҳаӡбоит, Амилаҭтә банк аҵәахразы иаҭахоит", - ҳәа иҳәеит Ақаҩба.
Иара убасгьы иҳәеит Фернал Леже иҭыхымҭақәа, асаан аӡра ашьҭахь ишыӡыз еилкаахеит ҳәа, урҭ Амилаҭтә банк аҵәахраз иаҭан. Асахьақәагьы асаангьы аекспертиза макьана иахымсыцт, хара имгакәа аекспертцәа ааԥхьахоит.
"Иҟалап Третиаков игалереиа аҟынтәи акәхар. Аилацәажәарақәа мҩаԥаагоит. Ҳекспертцәеи дареи аус еицырурц иааҳаԥхьоит. Анаҩс арҭ аҭыхымҭақәеи асаани Аҳәынҭқарратә музеи аҿы ицәыргақәҵахар ҟалоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Пикассо исаани франциатәи аскульптор Фернан Леже иусумҭақәа ҩбеи Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи ҳамҭас иеиҭеит асоветтә шәҟәыҩҩы Константин Симонов.
2009 шықәсазы Леже исахьақәеи Пикассо исаани раԥхьаӡа акәны Амилаҭтә банк аҵәахырҭахь инанагеит. Акыр шықәса урҭ уа иҟан. Анаҩс амузеи анапхгара Симонов иҳамҭақәа дырхынҳәырц рыӡбеит.
Аха артефактқәа ахатәхаҿқәа разҵаауа ианалага агәҭынчымра рызцәырҵын 2018 шықәсазы аҵәахырҭахь еиҭадырхынҳәит.
Аамҭақәак раԥхьа артефактқәа абанк аҵәахырҭаҿ ишыҟамыз еилкаахеит, урҭ амузеи анапхгара ирмазҵаакәа иган. Адырра ҟаҵан Ашәарҭадаратә маҵзурахьы, избанзар урҭ алахәны ауп амузеи анапхгара арҭ амаҭәарқәа аҵәахрахь ишнаргаз.