Аԥсны

Дасу игәазыҳәара аниоуа: "Ашанеи" "Кьарази" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа ргәыхәтәқәа нарыгӡеит

"Ашанеи" "Кьарази" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа алахәын ашықәсҿыцазтәи акциа "Ашанаҵла".
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи", "Кьарази", акультура-усутә ҭыԥ Гәымеи имҩаԥыргаз акциа "Ашанаҵла" аихшьаалақәа ҟаҵан ԥхынҷкәын 26 рзы.
Акциа аиҿкааҩцәа ишазгәарҭаз ала, Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду Ашықәс ҿыц азы ашәҟәқәа изырҩит ргәаҳәарақәа анҵаны. Аиҿкааҩцәа арҭ ашәҟәқәа аԥҟасахьақәа рыҭаны акультура-усутә ҭыԥ Гәыма игылоу аԥсаӡ аҿы ихыршьит. Изҭаху зегьы ирыман алшара ахәыҷқәа ргәаҳәарақәа нарыгӡарц.
Ахәыҷқәа аԥсаӡ ахь инаԥхьан, уа "Аҵаа бабадуцәа" аҳамҭақәа рзыршеит.
Быжьшықәса зхыҵуа Димиан Ҭаниа ишәҟәаҿы иҩит милиционерс дҟаларц шиҭаху, уажәнатә ихатә тапанча имазар мап шацәимкуа. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба уи абџьарқәа ҩба ианеишьеит, Аԥсны ААИ аиҳабы Баҭал Агрба аҷаԥшьаратә машьына аҭатәара азин ииҭеит.
"Ашана" зхылаԥшуа ируаӡәку Дамеи Қәычбериа амцарцәагатә машьына даҳәеит. Ҳәарада уи игәазыҳәара нагӡан. Гәымахь инеит амцарцәаратә машьына иашаҵәҟьа. Дамеи уи дҭатәеит, аԥсҟы икит, амцарцәаҩцәа драбадырит, амцарцәаҩ ицәамаҭәагьы ишәиҵеит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Дамеи ахәмаргеиԥш ахаа-мыхаақәагьы ииҭеит, ажәа ииҭеит дандухалак амцарцәаҩцәа ргәыԥахь дышнеиԥхьо.
Серафим иакәзар ишәҟәаҿы аԥсуа милаҭтә цәамаҭәеиа ашколқәа рҿы "Аԥсуара" аурок алагалареи даҳәеит. Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа ахәыҷы аԥаратә ҳамҭа ииҭеит, дагьақәиргәыӷит иара инаало аԥсуамаҭәа шизырӡахуа.
1 / 6

Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи", "Кьарази", акультура-усутә ҭыԥ Гәымеи имҩаԥыргаз акциа "Ашана-ҵла" аихшьаалақәа ҟаҵан ԥхынҷкәын 26 рзы.

2 / 6

Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи", "Кьарази", акультура-усутә ҭыԥ Гәымеи имҩаԥыргаз акциа "Ашана-ҵла" аихшьаалақәа ҟаҵан ԥхынҷкәын 26 рзы.

3 / 6

Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи", "Кьарази", акультура-усутә ҭыԥ Гәымеи имҩаԥыргаз акциа "Ашана-ҵла" аихшьаалақәа ҟаҵан ԥхынҷкәын 26 рзы.

4 / 6

Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи", "Кьарази", акультура-усутә ҭыԥ Гәымеи имҩаԥыргаз акциа "Ашана-ҵла" аихшьаалақәа ҟаҵан ԥхынҷкәын 26 рзы.

5 / 6

Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи", "Кьарази", акультура-усутә ҭыԥ Гәымеи имҩаԥыргаз акциа "Ашана-ҵла" аихшьаалақәа ҟаҵан ԥхынҷкәын 26 рзы.

6 / 6

Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи", "Кьарази", акультура-усутә ҭыԥ Гәымеи имҩаԥыргаз акциа "Ашана-ҵла" аихшьаалақәа ҟаҵан ԥхынҷкәын 26 рзы.

Афонд "Ашана" хылаԥшра ззыҟанаҵо Кьасоу Аҵаа Бабаду диҳәеит еицырдыруа аԥсуа боксиор Баҭал Ҷежьиа диабадырырц, насгьы иара дшиҿыԥшуа. Баҭал аспортсмен қәыԥш ҳамҭас абокс азы анапхаҵақәа ииҭеит, иҳәеит апрофессионалтә бокс иҽазикуазар ацхыраара шииҭо.
Иара убас иҟоуп ахәыҷқәа Аҵаа бабаду иҳәаз ашәаҳәаҩцәеи асахьаҭыхыҩцәеи рбара зҭаххаз. Убас Анатоли Алҭеибеи Сати Какәбааԥҳаи ашәа рыцырҳәеит, асахьаҭыхыҩцәа Мариа Ԥлиаԥҳаи Екатерина Гусковаи рҟынтәи аҟазаратә-классқәа роуит.
Ахәыҷқәа ирызшан изаҳәаз ахәмаргақәа, амаланыҟәақәа, акьанџьақәа, амашьынақәа, ашәҟәқәа, ахаа-мыхаақәа.
Акциа "Ашана-ҵла" мҩаԥысит ООН Ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи аофис адгыларала. Sputnik Аԥсны – аинформацитә адгылара анаҭеит.
Аԥсны
Афондқәа "Ашанеи" "Кьарази" ашықәсҿыцазтәи ракциа иалагеит "Гәыма" аҿы