Аԥсны

Владимир Аршба ибаҟа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иргылахоит

Ԥхынҷкәын 26 рзы Аԥсны Акультура аминистрраҟны имҩаԥган амонументалтә ҟазаразы акомиссиа аилатәара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Аԥсны Афырхаҵа, Леон иорден занашьоу, Аԥсны раԥхьатәи атәылахьчара аминистр Владимир Аршба ибаҟа Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иргылахоит.
Асеиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит ԥхынҷкәын 26 рзы Аԥсны Акультура аминистрраҟны имҩаԥгаз амонументалтә ҟазаразы акомиссиа аилатәараҟны. Аилатәара мҩаԥган Атәылахьчара аминистрра, аполитикатә партиа "Амцахара", ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" иҟарҵаз аҳәарала.
Акомиссиа иара убасгьы Аҟәа ақалақь ахадарахьи Аҟәатәи ақалақьтә еизарахьи аҳәара ҟанаҵеит ақалақь ахадара аҿаԥхьа иҟоу абаҳча хәыҷы Сариа Лакоба лыхьӡ ахҵазарц.
Уи адагьы аминистрра Аиҳабыра рахь аҳәара ҟанаҵеит амонументалтә ҟазаразы аус зуа азакәанԥҵара аиҭакрақәа алагалазарц - абаҟақәеи агәаларшәагатә дыргақәеи рыпроектқәа акомиссиа ақәшаҳаҭхараз иадыргалаларц.