Аԥсны

Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоуп аибашьра аветеранцәа Рхеилак

Ахеилак аԥҵаразы Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵеиҩит ԥхынҷкәын 27 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иҟны иаԥҵоуп 1992-93 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рхеилак ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ахеилак хықәкыс иамоуп 1992-93 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рсоциалтә хьчара аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика лҵшәа бзиала анагӡара.
Ахеилак ахантәаҩыс дҟаҵоуп Аԥсны атәылахьчара аминистр арратә иабжьгаҩ хада, Аԥсны Афырхаҵа Мираб Қьышьмариа.
Иара инаҩс ахеилак аилазаара аҟны иҟоуп:
Беиа М. - В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор, Аԥсны Афырхаҵа;
Григолиа Л. - Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла, "Леон" иорден занашьоу;
Гәылиа Ҭ. - Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу;
Какәыбаа Н. - аполитикатә партиа "Амцахара" Апрезидиум алахәыла, Аԥсны Афырхаҵа;
Косиан В. - "Леон" иорден занашьоу;
Ломиа О. - аполитикатә партиа "Амцахара" Апрезидиум алахәыла, Аԥсны Афырхаҵа;
Надараиа Ҭ. - Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ, "Леон" иорден занашьоу;
Осиа Л. - Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла, Аԥсны Афырхаҵа;
Оҭырба А. - Аԥсны Афырхаҵа;
Попков Иу. - Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла, "Леон" иорден занашьоу;
Смыр Р. - Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" алахәыла, "Леон" иорден занашьоу;
Цыгәба А. - Аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы, Аԥсны Афырхаҵа;
Шьынқәба Б. - Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа ареферент еиҳабы - Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ.