Арадио

Чамагәуа еилаарцыруа Аҟәа иалоу атроллеибус азы: излауала ауаа ҳаргәырӷьар ҳҭахуп

Атроллеибустә усбарҭа анџьныр хада Енвер Чамагәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәа аҽни аухеи атроллеибусқәа хәыда-ԥсада ауаа шныҟәарго, убасгьы аныҳәатә гәалаҟара узҭо атроллеибус шдырхиаз атәы.
Sputnik
Ашықәс ҿыц аламҭалазы Аҟәа ақалақь иалоу ауаажәларратә транспорт ахьынтә лашарала икәалыкәаџьо агәалаҟара бзиа узҭо акәхеит атроллеибус. Уи еилаарцыруа уахынла апассаџьырцәа ныҟәнагоит. Сынтәа ҩышықәсоуп ас еиԥш ирхианы атроллеибус ныҟәеижьҭеи. Уи мчыбжьык иназынаԥшуа идырхион.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.