Ашықәс ҿыц аныҳәа ахәыҷқәа рзеиҿкааразы аҽазыҟаҵарақәа цоит, ачымазара иахҟьаны хәыҷык ҳусқәа еиԥҟьар ҳәа ҳшәон, аха зегьы маншәалахеит ҳәа лҳәеит аиҿцәажәараҿы Капԥҳа.
"Ҩышықәса аныҳәақәа ҳхашҭны ҳаҟан. Сынтәа аҵара процесс еиԥмырҟьаӡакәа ҳахьааиуагьы акыр иаԥсоуп. Аинтернат аҿы аҵыхәтәантәи аамҭаз ичмазаҩхаз ахәыҷқәа рацәаҩуп. Амза 19 инаркны ес-шьыжьы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара гәаҳҭоит. Сынтәа актәи акласс инаркны иҳадаҳкылеит ахәыҷқәа, уаанӡа 3-тәи акласс аҟнытәи акәын ишыҟаз. Уи аҭакԥхықәра ду ҳаднаҵоит, аха аколлектив иаиааит ари аус. Урҭ акы иалхәдахарц ҳҭахым. Иҟан ацәажәара, акарантин ахь ахәыҷқәа рышьҭразы, аха ашкол аус ауртә аҭагылазаашьа ыҟоуп макьана", - ҳәа еиҭалҳәеит Капԥҳа.
Ахәыҷқәа аныҳәа раҳҭар ҳҭахуп, атеатрқәеи ҳареи аимадара ҳабжьоуп, уахь ҳцара азгәаҭоуп. Уи анаҩс ахәыҷқәа зегьы рыцыԥхьаӡа аҳамҭақәа аахәоуп, аҩныҟа ианаҳшьҭуа гәырхаагас ираҳҭоит, уи аус ҳара ҳзы иԥшьоу усуп ҳәа азгәалҭеит Аҟәатәи ашкол-интернат адиректор.
Лариса Капԥҳа иара убасгьы ахәыҷқәа реихьӡара атәы далацәажәеит, илҳәеит ҽааны гәҭакқәас илымоу атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.