Арадио

Аргәын "Кьараз" ақыҭанхамҩатә проект азы: ҽаангьы иацҵахоит

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" азы иҳаҩсуа ашықәс зеиԥшраз атәы еиҭеиҳәеит анагӡаратә директор Кадыр Аргәын.
Sputnik
2022 шықәсазы зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу ҳауаажәлар ацхыраара рызҭо аиҿкаара "Кьараз" быжьшықәса ахыҵит. Кадыр Аргәын иажәақәа рыла, ари аамҭа иалагӡаны русура алҵшәа шаиуз еиԥш, ирызцәырнагаз азҵаарақәагьы ыҟоуп. Сынтәа ирылшаз атәы азгәаҭо иҳәеит ишьақәдыргылаз аплан инарқәыршәаны ҩышә ҭаацәа ажәлақәа шырзыршаз ааԥын, аха амшцәгьақәа аԥырхага ду шыҟарҵаз. Иагьа ус акәзаргьы алҵшәа амоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит ари апрограмма, ҽаангьы уи иацырҵап ҳәа ауп.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.