Аԥсны

Автоматизациа зызуу аинформациатә система 2025 шықәсанӡа ӡбарҭақәак рҿы иаларгалаӡом

2014 шықәсазы Аԥсны Апарламент аҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аӡбарҭатә мчрақәа рзы" азакәан. Аӡбарҭатә система ареформа аҿыцрақәа иалагалаз иреиуан аӡбарҭа-аинформациатә система аӡбарҭақәа рҿы ахархәара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik, Асмат Ҵәыџьба. Автоматизациа зызуу аинформациатә система 2025 шықәса ажьырныҳәа акынӡа ӡбарҭақәак рҿы иаларгалаӡом.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа лажәақәа рыла, АСИС аӡбарҭақәа зегьы рҿы иалагалоуп Арратә аӡбарҭеи Гәдоуҭа араионтә аӡбарҭеи рҿы ада, урҭ ахыбрақәа иазыҟаҵам.

Ԥхынгәы 1, 2023 шықәса инаркны АСИС алагалахоит Абжьаҟазаратә ӡбарҭаҿгьы.
Автоматизациа зызуу аӡбарҭа аинформациатә система (АСИС) – ари иаку технологиатә платформоуп, хықәкы хаданы иҟоу аӡбаҩцәеи аӡбареиҿкаара алахәылацәеи релектронтә еимадара аиҿкаареи аӡбарҭатә система аҩаӡарақәа зегьы рыбжьара аелектронтә еимадара еиҿкаареи роуп.