Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалазы аӡиа Риҵа сынтәа раԥхьатәи асы леит, уаҟа ирхиоу аԥсаӡ, аԥсабара сыла иҭаҳҳәоуп. Багаҭелиа иажәақәа рыла, иацы аӡиа Риҵа 20-25 сантиметра рҟынӡа асы шьҭалеит.
"Ҵыԥх уажәааны асы бзианы иҳазлеихьан. Сынтәа раԥхьатәи асы иацы ауп ианлеи. Ҳәарада, Риҵа аҽакала иԥшӡоуп асы анышьҭоу, аныҳәа еиԥшуп, угәы шьҭнахуеит. Зегь ԥшӡаӡа, иблахкыганы, уамакала иҟоуп", - иҳәеит Багаҭелиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.