АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны АҶА анапынҵа риҭеит ДЖәР иҭахаз ҳтәылауаа рыԥсыбаҩқәа ааргарц.
"Аԥсыбаҩцәа аԥсышьҭаҵарҭахь иахьнарымгац азы раагара аамҭа иахыгоуп. Аҭагылазаашьа шҭышәынтәалалак Донбассҟа амҩа ҳақәлоит", - иҳәеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.
Аԥсны АҶА адыррала Донецктәи Жәлар рреспубликаҿы иҭахеит хҩык ҳтәылауаа.