Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лавров: Зеленски "аҭынчраз иформула" лаԥшхырԥагоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Владимир Зеленски иҟаиҵаз "аҭынчраз аформула" шьаҭас иҟаҵаны Урыстәыла аӡәгьы иацәажәара агәы иҭам, иубартә иҟоуп Киев аицәажәара ишазыхиам, абри атәы иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Сергеи Лавров.
"Иубарҭоуп Киев ацәажәара ишазыхиам. Зеленски "аҭынчраз иформула" лаԥшхырԥагоуп, Мраҭашәара ацхыраарала ҳар Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәа: Донбасс, Ҟрым, Запорожие, Херсон ралгара, арепарациақәа ршәара роуп иахықәку. Ҳәарада, ас ала ҳара аӡәгьы иацәажәара гәҭакны иҳамам", - иҳәеит Лавров.
Убри аан иҳәеит Москва аимак дипломатиатә ҟазшьала аӡбра мап шацәнамкуа.
"Ишәгәаласыршәоит аоперациа ҷыда ианалагаз ашьҭахь Владимир Зеленски аицәажәара шаԥшьигаз. Ҳара уи мап ацәаҳамкит, ихаҭарнакцәа рԥылара ҳақәшаҳаҭхеит. Имҩаԥысыз аицәажәарақәа рраундқәа иаадырԥшит акы азкылсра шалшоз, аха нас иааԥшит Зеленски аҵакы змоу аӡбрақәа ихала ишизидымкылоз. Мшаԥымзазы англосакса рыдҵала аиҿцәажәарақәа мап рыцәкны ипозициа ираӷьит", - иҳәеит аминистр.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин: Урыстәыла атәылауаа ринтересқәа ахьчоит Украина ишьақәгылаз аҭагылазаашьаан
Иахьазы Украина зхы зтәу политикцәақәак ыҟоу иҟаму аилкаара уадаҩуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Иахьазы Украина зхы зтәу политикцәақәак ыҟоу иҟаму аилкаара уадаҩуп, аиҳаракгьы аҽакала ахәыцра уа иахьалыдмыршо азы. Дҟаларушь Киев уаҵәызны ахара ихәыцуа аполитик? Ҳаԥшып. Иҟало аабап", - иҳәеит Лавров.
Абҵарамзаз, мраҭашәаартәи АИХқәа рҿы Киев Москва иадрыԥхьалоит ҳәа адыррақәа рышьҭахь Украина ахада Владимир Зеленски аиҿцәажәарақәа рзы ареспублика апозициақәа рылеиҳәеит. Арахь иаҵанакуеит – аҵакыратә акзаара аиҭашьақәыргылара, ООН Аԥҟаԥҵәа ҳаҭыр ақәҵара, ацәыӡқәа зегь рхарҭәаара, аибашьратә цәгьоуцәа рыхәҭа рақәыршәара, асеиԥш уаҳа ишыҟамло азы ахәдықәҵарақәа".
Убри аан Зеленски уаанӡа иахьатәи Урыстәыла ахада иацәажәара мап шацәикуаз аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин: Украина аоперациа ҷыда амҩаԥгара - шьаҿа иашоуп