Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Донецктәи ахырхарҭаҿ ԥхьаҟа еиҭаҵит

Жәабран 24 раахыс Украина абџьархыхра хықәкны иҟаҵаны Урыстәыла арратә операциа ҷыда мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Урыстәылатәи ар Донецктәи ахырхарҭаҿ ԥхьаҟа еиҭаҵит, еиҳа иманшәало аҭыԥқәа ныркылеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Ари ахырхарҭаҿы аӷа ицәыӡқәа иреиуоуп 80-ҩык аруаа, аршьаҟауаа реибашьыга машьынақәа ԥшьба, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа фба", - аҳәоит адокумент.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәа уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 7, РСЗОқәа HIMARS, "Ураган" рыхгәыцәқәа 4.