Аԥсны

Афонҿыцтәи апарк азы амшынҟызқәа хԥа аархәеит

Афонҿыцтәи апарк аҿы иҟаз амшынҟызқәа реиҳарак иԥшәымадоу алақәа ирфеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Афонҿыцтәи апарк азы амшынҟызқәа хԥа аархәеит Ставропольтәи ааӡарҭаҟынтә, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аҵакыра аиҳабы Ҭамаз Аргәын.
"Амшынҟызқәа иацы иааргеит, арцынақәа ҩбеи рбаӷьки. Иаразнакы аҭыԥ ҿыц рхы аныдраалеит. Рыҩны иҟоушәа рхы мҩаԥыргоит. 30-30 нызқьмааҭ ирыԥсоуп", - иҳәеит иара.
Аргәын иажәақәа рыла, иахьазы Приморсктәи аӡҭарчқәа ирхуп зынӡа жәеиза мшынҟыз, аиқәаҵәақәа быжьбеи ашкәакәақәа ԥшьбеи.
Sputnik ишазеиҭарҳәаз ала уаанӡа 24 мшынҟыз аӡҭарчқәа ирхын.