АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Ԥхынҷкәын 29 азы Аминистрцәа реилазаара ақәҵара "Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Қырҭтәылеи рҳәаа ала Аԥсны Аҳәынҭқаррахь алалареи Аԥсны Аҳәынҭқарра алҵреи рзин аиуразы адокументқәа аамҭалатәи реиқәыԥхьаӡа ашьақәырӷәӷәаразы" аиҭакра аланагалеит.
Адокумент инақәыршәаны иалшоит аформа №9 Егры аҳәаа ахысра, уи 2023 шықәса ԥхынҷкәын анҵәамҭаӡа азинмч амоуп.
Гал араион инхоит 30 нызқьҩык, урҭ рҟынтәи хәнызқьҩык рҟынӡа ирымоу документк ауп - аформа №9, уи азин рнаҭоит Аԥсны алалареи алҵреи.
Гал араион ахада Константин Ԥлиа иажәақәа рыла, аформа №9 рырҭоит Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ма анхараз азин аиуразы адокументқәа азҭаз.
Уажәаԥҳьа араион атәылауаҩшәҟәқәа рыҭаратә ҟәша аиҳабы Ельвира Аршԥҳа еиҭалҳәахьан 1130-ҩык араион ауааԥсыра Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа шрымоу, 2150-ҩык - анхараз азин.