АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik. Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәа рҿы аконституциа ҿыцқәа рыдыркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Адокументқәа еицҿакрыла ирыдкылоуп. ДЖәР аҿы рыбжьы рҭиит 76-ҩык адепутатцәа, ЛЖәР аҿы– 43-ҩык адепутатцәа.
Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахада Леонид Пасечник иажәақәа рыла, ареспублика анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит арратә операциа ҷыда ахыркәшараз.
"Агәра згоит ҳара зегьы гәазыҳәара дуны иҳамоу арратә операциа ҷыда ахыркәшара шакәу. Уи азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Иҳалымшогьы ҟаҳҵоит ҳадгьыл аҿы аҭынчра аҳра ауларц, аиааира ганы ҳаԥсадгьыл Урыстәыла ашәҭыкакаҷра ҳарӷәӷәаларц. Ҳара командакны ҳаҟоуп. Ҳанеидгыло иҳалымшо акгьы ыҟам", - иҳәеит иара.
ДЖәР ахада инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Денис Пушилин иазгәеиҭеит абжьыҭираан Апарламент аҿы "Урыстәыла ҿыц" аҭоурых шырыҩуаз.
"Донбасс Урыстәыла акультура-ҭоурыхтә традициақәа ирзыхынҳәуеит, ҳагәҭакқәеи ҳхықәкқәеи ҳрызкылсуеит. Ҳара урҭ аашықәса ҳарзыԥшын", - иҳәеит иара.
Пушилин иҳәеит Азакәан хада аҿы аҭыԥ ду шааннакыло ахәыҷқәа раааӡара, рдоуҳатә ҿиара, апатриотизми атәылауаҩреи рылааӡара, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара арнаӡаӡатәра.
ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа Урыстәыла ралаларазы ареферендумқәа мҩаԥысуан цәыббра 23-27 рзы. 100% абуллетенқәа аус анрыдыруыла ашьҭахь иаарԥшхеит ДЖәР аҿы Урыстәыла алалара ишадгыло 99,23% зыбжьы зҭииз, ЛЖәР – 98,42%, Херсонтәи аобласт – 87,05%, Запорожиатәи аобласт - 93,11%.