Сынтәатәи аӡынразы Аԥсны асы амузаргьы, ҳтәыла ахы-аҵыхәеи рҽазыршәеит ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵара.
Аҳҭнықалақь апаркқәа рҿы ишьақәдыргылеит еилаарцыруа аиллиуминациа, уахьынаԥшы-ааԥшуа улаԥш иҵашәоит иԥшӡаны иҩычоу аԥсаӡқәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы игылоу ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада акәзар - зқьы-хкы лашарабагала икаԥха-каҷҷо аҭааҩцәа аргәырӷьоит. Ажәакала, зегь азхиоуп 2023-тәи ашықәс ҿыц аԥылара.
Sputnik ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә гәалаҟазаара зҿықәыҳәҳәуа афотоҭыхымҭақәа шәзеизнагеит.