Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашықәс ҿыц ҳазыԥшуп: Аԥсны аныҳәатә гәалаҟазаара

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо Ашықәс ҿыц аҽазыҟаҵара иаҿуп. Sputnik ишәзеизнагеит аныҳәатә гәалаҟазара еиҳагьы иузышьҭызхуа аҭыхымҭақәа.
Сынтәатәи аӡынразы Аԥсны асы амузаргьы, ҳтәыла ахы-аҵыхәеи рҽазыршәеит ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵара.
Аҳҭнықалақь апаркқәа рҿы ишьақәдыргылеит еилаарцыруа аиллиуминациа, уахьынаԥшы-ааԥшуа улаԥш иҵашәоит иԥшӡаны иҩычоу аԥсаӡқәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы игылоу ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада акәзар - зқьы-хкы лашарабагала икаԥха-каҷҷо аҭааҩцәа аргәырӷьоит. Ажәакала, зегь азхиоуп 2023-тәи ашықәс ҿыц аԥылара.
Sputnik ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә гәалаҟазаара зҿықәыҳәҳәуа афотоҭыхымҭақәа шәзеизнагеит.
© Sputnik / Леон Адлейба

Абар-абар Ашықәс ҿыц ҳашәхымс иаадгылоит, Аԥсны уи ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп. Ақалақьқәа рҿы еилаарцыруа арԥшӡагақәа шьақәдыргылеит, урҭ уахынла оумакала иԥшӡоуп, рыкәша-мыкәша зегь дырлашоит.

Абар-абар Ашықәс ҿыц ҳашәхымс иаадгылоит, Аԥсны уи ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп. Ақалақьқәа рҿы еилаарцыруа арԥшӡагақәа шьақәдыргылеит, урҭ уахынла оумакала иԥшӡоуп, рыкәша-мыкәша зегь дырлашоит. - Sputnik Аҧсны
1/14

Абар-абар Ашықәс ҿыц ҳашәхымс иаадгылоит, Аԥсны уи ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп. Ақалақьқәа рҿы еилаарцыруа арԥшӡагақәа шьақәдыргылеит, урҭ уахынла оумакала иԥшӡоуп, рыкәша-мыкәша зегь дырлашоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны аԥсаӡ хада дыргылеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы.

Аԥсны аԥсаӡ хада дыргылеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы. - Sputnik Аҧсны
2/14

Аԥсны аԥсаӡ хада дыргылеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҳҭнықалақь аԥсаӡ уи анхацәа рыдагьы, егьырҭ ақалақьқәеи ақыҭақәеи, иара убас асасцәеи бзиа еицырбаз ҭыԥхеит.

Аҳҭнықалақь аԥсаӡ уи анхацәа рыдагьы, егьырҭ ақалақьқәеи ақыҭақәеи, иара убас асасцәеи бзиа еицырбаз ҭыԥхеит. - Sputnik Аҧсны
3/14

Аҳҭнықалақь аԥсаӡ уи анхацәа рыдагьы, егьырҭ ақалақьқәеи ақыҭақәеи, иара убас асасцәеи бзиа еицырбаз ҭыԥхеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Есышықәсеиԥш, сынтәагьы аԥшәамцәа рыдәқьанқәа рҩычоит, досу еиҳа еиӷьны изырԥшӡо ҳәагьы еиндаҭлоит.

Есышықәсеиԥш, сынтәагьы аԥшәамцәа рыдәқьанқәа рҩычоит, досу еиҳа еиӷьны изырԥшӡо ҳәагьы еиндаҭлоит. - Sputnik Аҧсны
4/14

Есышықәсеиԥш, сынтәагьы аԥшәамцәа рыдәқьанқәа рҩычоит, досу еиҳа еиӷьны изырԥшӡо ҳәагьы еиндаҭлоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Урҭ убасҟак идырԥшӡеит, уҩналаны ак ааухәандаз ҳәа угәы ааҟалоит.

Урҭ убасҟак идырԥшӡеит, уҩналаны ак ааухәандаз ҳәа угәы ааҟалоит. - Sputnik Аҧсны
5/14

Урҭ убасҟак идырԥшӡеит, уҩналаны ак ааухәандаз ҳәа угәы ааҟалоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Акаҳуажәырҭақәа рҿы ачаи ԥха инаҿыхәо иааиуа ашықәс азы иҟаландаз ҳәа ргәы ззыҳәо иалацәажәоит, абзиарақәа ргәы иҭаркуеит.

Акаҳуажәырҭақәа рҿы ачаи ԥха инаҿыхәо иааиуа ашықәс азы иҟаландаз ҳәа ргәы ззыҳәо иалацәажәоит,  абзиарақәа ргәы иҭаркуеит. - Sputnik Аҧсны
6/14

Акаҳуажәырҭақәа рҿы ачаи ԥха инаҿыхәо иааиуа ашықәс азы иҟаландаз ҳәа ргәы ззыҳәо иалацәажәоит, абзиарақәа ргәы иҭаркуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақалақь аҿы игылоу арԥшӡагақәа ирыдгыланы ауаа рфотосахьақәа рҭыхра бзиа ирбоит.

Ақалақь аҿы игылоу арԥшӡагақәа ирыдгыланы ауаа рфотосахьақәа рҭыхра бзиа ирбоит. - Sputnik Аҧсны
7/14

Ақалақь аҿы игылоу арԥшӡагақәа ирыдгыланы ауаа рфотосахьақәа рҭыхра бзиа ирбоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иаабац аԥсаӡ иаҵәақәа рыдагьы, шьоукы-шьоукы еиуеиԥшым знеишьала аԥсаӡқәа дырхиоит.

Иаабац аԥсаӡ иаҵәақәа рыдагьы, шьоукы-шьоукы еиуеиԥшым знеишьала аԥсаӡқәа дырхиоит. - Sputnik Аҧсны
8/14

Иаабац аԥсаӡ иаҵәақәа рыдагьы, шьоукы-шьоукы еиуеиԥшым знеишьала аԥсаӡқәа дырхиоит.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аҟәатәи аԥсаӡ абар ҩышықәса раахыс илашо "аԥарда" ахакнарҳауеит.

Аҟәатәи аԥсаӡ абар ҩышықәса раахыс илашо "аԥарда" ахакнарҳауеит. - Sputnik Аҧсны
9/14

Аҟәатәи аԥсаӡ абар ҩышықәса раахыс илашо "аԥарда" ахакнарҳауеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ашықәс ҿыц – агәазыҳәарақәа рызхәыцреи алҵшәақәа реихшьалареи ираамҭоуп. Зегь реиҳа ихадоу - абзиара шыҟало агәра агароуп!

Ашықәс ҿыц – агәазыҳәарақәа рызхәыцреи алҵшәақәа реихшьалареи ираамҭоуп. Зегь реиҳа ихадоу - абзиара шыҟало агәра агароуп! - Sputnik Аҧсны
10/14

Ашықәс ҿыц – агәазыҳәарақәа рызхәыцреи алҵшәақәа реихшьалареи ираамҭоуп. Зегь реиҳа ихадоу - абзиара шыҟало агәра агароуп!

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҟәа ақалақь ахадара ари аныҳәа ҷыдала рҽазыҟарҵеит, аҳҭнықалақь акәакьқәа зегьы дырԥшӡеит.

Аҟәа ақалақь ахадара ари аныҳәа ҷыдала рҽазыҟарҵеит, аҳҭнықалақь акәакьқәа зегьы дырԥшӡеит. - Sputnik Аҧсны
11/14

Аҟәа ақалақь ахадара ари аныҳәа ҷыдала рҽазыҟарҵеит, аҳҭнықалақь акәакьқәа зегьы дырԥшӡеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ауаа ашҭахь ирнеиуеит рҩызцәеи рҭынхацәеи ирыцны, ргәалаҟазаара ашьҭыхразы, акино иахәаԥшразы, ицаҳәцаҳәуа акакао ажәразы.

Ауаа ашҭахь ирнеиуеит рҩызцәеи рҭынхацәеи ирыцны, ргәалаҟазаара ашьҭыхразы, акино иахәаԥшразы, ицаҳәцаҳәуа акакао ажәразы. - Sputnik Аҧсны
12/14

Ауаа ашҭахь ирнеиуеит рҩызцәеи рҭынхацәеи ирыцны, ргәалаҟазаара ашьҭыхразы, акино иахәаԥшразы, ицаҳәцаҳәуа акакао ажәразы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ахәылбыҽха аԥсаӡ ауаа еиҳа ирацәаны иадеизалоит, игәырӷьоит, иччоит, ихәмаруеит.

Ахәылбыҽха аԥсаӡ ауаа еиҳа ирацәаны иадеизалоит, игәырӷьоит, иччоит, ихәмаруеит. - Sputnik Аҧсны
13/14

Ахәылбыҽха аԥсаӡ ауаа еиҳа ирацәаны иадеизалоит, игәырӷьоит, иччоит, ихәмаруеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҟәатәи атроллеибусқәаҵәҟьа еилаарцыруа лашарабагала ирҩычеит, Ашықәс ҿыц ааира акгьы шагым ауаа идырдыруа.

Аҟәатәи атроллеибусқәаҵәҟьа еилаарцыруа лашарабагала ирҩычеит, Ашықәс ҿыц ааира акгьы шагым ауаа идырдыруа. - Sputnik Аҧсны
14/14

Аҟәатәи атроллеибусқәаҵәҟьа еилаарцыруа лашарабагала ирҩычеит, Ашықәс ҿыц ааира акгьы шагым ауаа идырдыруа.

Ажәабжьқәа зегьы
0